Нино ацқьа лымш инамаданы Бодбетәи аберҭыԥ аҿы аныҳәатә анцәа имаҵура мҩаԥган
Нино ацқьа лымш инамаданы Бодбетәи аберҭыԥ аҿы аныҳәатә анцәа имаҵура мҩаԥган

Нино ацқьа лымш инамаданы Нино ацқьа лыхьӡ зху Бодбетәи аберҭыԥ аҿы Бодбетәи аҷҟәандар Иаков аныҳәатә анцәа имаҵура мҩаԥигеит.

Анцәа имаҵура ашьҭахь аҷҟәандар Иаков аиашахаҵаҩцәа Нинаоба аныҳәа рыдиныҳәалеит.

Нино ацқьа лымш ҩынтә азгәарҭоит – Қырҭтәыл лҭаара аҽны рашәа 1 азы, иара убас ажьырныҳәа 27 рзы  – лыԥсҭазаара даналҵ аҽны.