Николоз Самхараӡеи  Мака Боҷоришвилии, анаҧшцәа рҳасабала, Америка Конгресси Сенати рахь алхрақәа рхы рыладырхәоит
Николоз Самхараӡеи  Мака Боҷоришвилии, анаҧшцәа рҳасабала, Америка Конгресси Сенати рахь алхрақәа рхы рыладырхәоит

Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиаҿ Қырҭтәыла аделегациа анапхгаҩы Николоз Самхараӡеи аделегациа иалахәы  Мака Боҷоришвилии, анаҧшцәа рҳасабала, Америка Конгресси Сенати рахь алхрақәа рхы рыладырхәоит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзура.

Апарламент адыррала, Николоз Самхараӡе, жәларбжьаратәи анаҧшҩы иаҳасабала, алхрақәа дрыцклаҧшуеит Невада, абҵара 8 рзы,  евроинтеграциа азҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы  Мака Бочоришвили —  Ниу-Иорк.