Николоз Самхараӡеи Леван Махашвилии, рофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Румынтәыла аиҧыларақәа мҩаҧыргоит
Адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡеи Европаҟны аинтеграциа азҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Леван Махашвилии рофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Румынтәыла аиҧыларақәа мҩаҧыргоит.
Қырҭтәыла апарламент апрессмаҵзура адыррақәа рыла, аделегациа алахәылацәа Румынтәыла Сенат ахантәаҩы Мирча Абрудеани адепутатцәа рпалата адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет алахәылацәеи ирҧылеит.
Аиҧыларақәа раан Қырҭтәылеи Румынтәылеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа рдинамика иалацәажәеит.
Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, Амшын еиқәа ашәарҭадара иадҳәалоу азҵаарақәа ирзааҭгылеит, ари аганахьала ҷыдала иалкаан Украина азҵаара иадҳәаланы Америкеи Урыстәылеи рыбжьара имҩаҧысуа аиҿцәажәарақәеи Қырҭтәылеи Румынтәылеи ршәарҭадаразы ари азҵаара иамоу аҵаки .
„Аиҧыларақәа раан зҵакы дуу азҵаарақәа зегьы ҳрылацәажәеит, Қырҭтәыла импыҵахалоу арегонқәа рҿы аҭагылазаашьеи, Евроеидгыла арҭбаареи, Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа апроцесси ҳарзааҭгылеит. Румынтәылатәи адепутатцәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит Румынтәыла Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа ишадгыло. Ҳколлегацәа ишазгәарҭаз ала, Қырҭтәыла 2030 шықәса анҵәамҭанӡа ареформақәа зегьы мҩаҧганы, Евроеидгыла алаларазы ихиазаауеит, уи ареалтә хықәкуп“, – иҳәеит Николоз Самхараӡе.