Қырҭтәыла апарламент адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе Швеицариатәи аконфедерациа Амилаҭтә хеилак алахәыла, адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Лорен Верли диҧылеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа арегионалтә шәарҭадареи, Украина иҟоу аҭагылазаашьеи, аҭынчратә процесси ирылацәажәеит.
Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзура адыррақәа рыла, Лорен Верли ишьақәирҕәҕәеит Швеицариа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.