Николоз Самхараӡе Марк Клеитон диԥылеит
Николоз Самхараӡе Марк Клеитон диԥылеит

Апарламент адәныҟатәи комитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе Британиа ду ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитон диԥылеит.

Аганқәа Қырҭтәылеи Британиа Дуи ирыбжьоу ҩганкалатәи аизыҟазаашьақәеи апарламенттә аҩаӡараҿ аизыҟазаашьақәа рырҭбаара алшарақәеи ирыхәаԥшит. Аиԥылараҿ иазгәаҭан Британиа Ду ахь имҩаԥысран иҟоу Қырҭтәыла апарламенттә делегациа авизит аҵакы.

Николоз Самхараӡе ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла европатәии евроатлантикатәи амҩеи ари ахырхараҭала иҟаҵоу ашьаҿақәеи ареформақәеи рыхцәажәеит.