Николоз Самхараӡе иҳәамҭала, апарламенттә делегациа Руслан Стефанчук иҧылоит Ҟрымтәи аплатформа аҳәаақәа ирҭагӡаны, уаҟа хымҧада асанкциақәеи  Арестович иҟаиҵаз аҳәамҭеи  иалацәажәоит
Николоз Самхараӡе иҳәамҭала, апарламенттә делегациа Руслан Стефанчук иҧылоит Ҟрымтәи аплатформа аҳәаақәа ирҭагӡаны, уаҟа хымҧада асанкциақәеи  Арестович иҟаиҵаз аҳәамҭеи  иалацәажәоит

«Ишубарҭоу ала, Арестович агәра ҳиргар иҭахуп Украина  Қырҭтәыла иаҿагыланы агрессиа шаанарҧшуа. Ҳара ахшыҩдара атеатраҿ ҳаҟоушәа сгәы иабоит.  Арестовичи Подолиаки ргаӡара азыӡырҩра аҟәыҵра шәыдаагалоит, — иҳәеит адәныҟатәи аимадарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе.

Иара ишазгәеиҭаз ала, апарламенттә делегациа Руслан Стефанчук иҧылоит Ҟрымтәи аплатформа аҳәаақәа ирҭагӡаны, уаҟа хымҧада асанкциақәеи  Арестович иҟаиҵаз аҳәамҭеи  иалацәажәоит.

«Асанкциақәа ирызку аӡбара ҵаҵгәыркым, Украина анапхгара арҭ ауаа асанкциақәа рзышьақәыргыларазы мзызс ирымаз ҳаздырӡом.  Арестович Қырҭтәылаҟа аинтервенциала дҳақәмақаруеит. Уи ихахьы ишааигаз сыздырӡом.  Иара жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа  рҷыдарақәа идыруазароуп. Аргама абри аҩыза аҳәамҭа аҟаҵара – апсихиатриатә проблемоуп.  Ишубарҭоу ала, Арестович агәра ҳиргар иҭахуп Украина  Қырҭтәыла иаҿагыланы агрессиа шаанарҧшуа. Ҳара ахшыҩдара атеатраҿ ҳаҟоушәа сгәы иабоит. Арестовичи Подолиаки ргаӡара азыӡырҩра аҟәыҵра шәыдаагалоит

Иааиуа ашәахьазы апарламенттә делегациа, Ҟрымтәи аплатформа аҽалархәразы Загребҟа идәықәлоит, ишыжәдыруа ала, ари аплатформа Украина адгыларазы иаҧҵан.  Рада ахантәаҩы  Стефанчук ҳиҧылоит, хымҧада ари азҵаара иқәҳаргылоит», —  Николоз Самхараӡе.