Николоз Самхараӡе  - Ҳтәыла аханатәгьы еилыккаа аанацҳаит зегьы рыла Украина ишадгыло, абџьар аҭара ада   
Николоз Самхараӡе  - Ҳтәыла аханатәгьы еилыккаа аанацҳаит зегьы рыла Украина ишадгыло, абџьар аҭара ада  

«Ҳтәыла аханатәгьы еилыккаа аанацҳаит зегьы рыла Украина ишадгыло, абџьар аҭара ада. Шықәсык иалагӡаны абри апозициа ҳамоуп, уи нагӡахоит», — иҳәеит адәныҟатәи аимадарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла дарбанызаалак аӡәы изакәызаалак бџьарк иҭара алшом.

Иара убас, Николоз Самхараӡе ишиҳәаз ала, атәыла аҩныҵҟагьы апроблема иҟоуп, избанзар аоппонентцәа атәыла анапхгара ари апозициазы акритика рзыруеит.

«Урыстәыла Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20% импыҵахаланы иамоуп, убри аҟынтә, Украина еиҧшҵәҟьа, Қырҭтәылагьы ашәарҭара ду иҭагылоуп.  Иарбанызаалак даҽа тәылак Урыстәыла аган аҟынтә абри аҩыза ашәарҭара иҭагылам.  Қырҭтәыла бџьарс иамоу ҳазынтәгьы ибзиаӡаны иаадыруеит. Иҳамоу арсенал хәыҷы даҽа ҳәынҭқаррак изаҭатәу аӡәы исеиҳәозар, гәахәарыла сизыӡырҩуеит. Абџьар ҭзыжьуа атәыла дуқәа иҟоуп, дара Украина абџьар аҭаразы мап ркуам, нас, украинаа Қырҭтәылантә изаҳәоит иҳамоу абџьар хәыҷы дара ираҳҭарц?

Сгәаанагарала, ҳтәыла аҩныҵҟоуп апроблема ахьыҟоу, избанзар, ҳоппонентцәа абри апозициазы акритика ҳзыруеит. Ҳтәыла аханатәгьы еилыккаа аанацҳаит зегьы рыла Украина ишадгыло, абџьар аҭара ада. Шықәсык иалагӡаны абри апозициа ҳамоуп, уи нагӡахоит», — иҳәеит  Николоз Самхараӡе.