Николоз Самхараӡе  - Данилов  аҵакырадгьылтә акзаара аҭынчмҩала аиҭашьақәыргылара аполитика мап ацәкны аҩбатәи афронт аартра аума Қырҭтәыла иабжьиго?
Николоз Самхараӡе  - Данилов  аҵакырадгьылтә акзаара аҭынчмҩала аиҭашьақәыргылара аполитика мап ацәкны аҩбатәи афронт аартра аума Қырҭтәыла иабжьиго?

Қырҭтәыла апарламент аҿы иҟоу адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе Украина Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Алеқсеи Данилов иҟаиҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит.

Самхараӡе ари аинформаица ииашам ҳәа дгәыҕуеит.

«Ари аинформациа ииашам ҳәа сгәыҕуеит. Украина Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ аҵакырадгьылтә акзаара аҭынчмҩала аиҭашьақәыргылара аполитика мап ацәкны, ҳқалақьқәа рырбгареи ҳаҳәсеи ҳхылҵи рҭахареи азыҳәан   аҩбатәи афронт аартра аума Қырҭтәыла иабжьиго? Ишҧа??» — иҩит Самхараӡе.

Украина Амилаҭтә шәарҭадареи ахыхьчареи ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Алеқсеи Данилов ишиҳәаз ала, Қырҭтәылеи аҵакырадгьылтә акзаара иадҳәаланы Урыстәылаҟны апроблемақәа змоу егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рҵакырадгьылқәа рырхынҳәра иалагар, Украина иацхраауан.