Николоз Самхараӡе Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада  Феридун Синирлиоглу диҧылеит
Николоз Самхараӡе Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада  Феридун Синирлиоглу диҧылеит

Адәныҟатәи аизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩи Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы ақырҭуа делегациа анапхгаҩи Николоз Самхараӡе, Вена ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада  Феридун Синирлиоглу диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла имҩаҧысуа аполитикатә процессқәеи, атәылаҿ имҩаҧгаз алхрақәеи урҭ ирхылҵыз ахҭысқәеи ирылацәажәеит.

Николоз Самхараӡе амаӡаныҟәгаҩ хада инарҭбаау аинформациа ииҭеит Урыстәыла ала импыҵахалоу Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҿы аҭагылазаашьа иазкны. Хшыҩзышҭра ҷыда рызун иҳаҩсыз амчыбжь азы импыҵахалоу Аҧсны закәандарала имҩаҧгаз апрезиденттә алхрақәа.

Николоз Самхараӡе Амаӡаныҟәгаҩ хада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит апарламенттә алхрақәа ирызкны аобиективтә аҳасабырба ацәыргаразы.

Иара убас, аиҧылараҿы наҟ-наҟ аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы Қырҭтәыла инанагӡо ароль ду.

Николоз Самхараӡе Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада аофициалтә визитла Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.