Николоз Самхаараӡе  - Беларус апарламенттә делегациа имҧыҵахалоу Аҧсны рвизит ҳақәыӡбоит, ари афакт иџьбараны  ақәҿыҭра аҳҭоит  
Николоз Самхаараӡе  - Беларус апарламенттә делегациа имҧыҵахалоу Аҧсны рвизит ҳақәыӡбоит, ари афакт иџьбараны  ақәҿыҭра аҳҭоит  

Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара  аилагара афакт цыҧхьаӡа ҕәҕәала ҳақәыӡбоит,  Беларус апарламенттә делегациа имҧыҵахалоу Аҧсны рвизитгьы иџьбараны  ақәҿыҭра аҳҭоит, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламентаҿ иҟоу  адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе.

Самхараӡе ишиҳәаз ала, ари афакт  Беларус ахада уажәааны Аҧсны имҩаҧигаз авизит анагӡароуп.

„Ари афакт ҳгәы ҧнажәеит. Уи ҳаизыҟазаашьақәа ирҧырхагоуп. Убри аҟынтә, иџьбараны  ақәҿыҭра аҳҭоит.  Ҳара ари афакт ҳақәыӡбоит, избанзар, уи Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаареи Ампыҵахалара иазку азакәани еиланагоит.  Адипломатиатә ганахьала иахәҭоу зегьы ҟаҳҵоит.  Беларус ацҳаражәҳәаҩ  ари афакт иадҳәаланы ҳгәынамӡара изааҳарҧшуеит. Аҳәынҭқарра уаҳа аберкет амам. Адипломатиатә еизыҟазашьақәа раанкыларагьы ҟалоит, аха, уи хырҳагарак ҳзааанагап ҳәа сгәы иаанагом.   Беларус анапхгара, ацәаҳәа ҟаҧшь иахысны, Аҧсны ма Цхинвал ахьыҧшымра иазхарҵар, убасҟан адипломатиатә еизыҟазаашьақәа раанкылара ҳақәшәоит. Беларус абри аҩыза ашьаҿа ҟанамҵап ҳәа сгәыҕуеит“, – иҳәеит Самхаараӡе.

Беларус Амилаҭтә аизара  (апарламент) аделегациа импыҵахалоу Аҧсны иаҭааит. Ари аинформациа аланарҵәеит беларустәи амедиа.