Николас Сендрович – Евроеидгыла иалоу 27 ҳәынҭқаррақәа рлидерцәа Еврокомиссиа абжьагара иақәшаҳаҭхап ҳәа ҳгәыҕуеит, Қырҭтәыла акандидат астатус ахәҭоуп
Евроеидгыла иалоу 27 ҳәынҭқаррақәа рлидерцәа Еврокомиссиа абжьагара иақәшаҳаҭхап ҳәа ҳгәыҕуеит, Қырҭтәыла акандидат астатус ахәҭоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра Аҿиареи аусеицуреи аҟәша анапхгаҩы Николас Сендрович.
Иара ишиҳәаз ала, Еврокомиссиа ибзиаӡаны аанарҧшит Қырҭтәыла иахьаҭыҧу, Қырҭтәыла акандидат астатус анашьаразы абжьагара ҟанаҵеит.
„Еврокомиссиа абжьагара ҟанаҵеит, аха, уи абжьагара мацароуп. Уажәы Евроеидгыла иалоу 27 ҳәынҭқаррақәа ирыӡбароуп Қырҭтәыла акандидат астатус арҭоу арымҭоу. Ари аӡбара рыдыркылоит мчыбжьык ашьҭахь, Европа ахеилак аҿы. Евроеидгыла иалоу 27 ҳәынҭқаррақәа рлидерцәа Еврокомиссиа абжьагара иақәшаҳаҭхап ҳәа ҳгәыҕуеит, Қырҭтәыла акандидат астатус ахәҭоуп“, – иҳәеит Николас Сендрович.