Никол Ҧашиниан  - Қырҭтәылаҟны аҳәынҭқарратә аҳәаа адемаркациа азҵаара иқәгылоуп, ақырҭуа партниорцәеи ҳареи ари азҵааразы ҳаиқәшаҳаҭҳахьеит 
Никол Ҧашиниан  - Қырҭтәылаҟны аҳәынҭқарратә аҳәаа адемаркациа азҵаара иқәгылоуп, ақырҭуа партниорцәеи ҳареи ари азҵааразы ҳаиқәшаҳаҭҳахьеит 

«Қырҭтәылаҟны аҳәынҭқарратә аҳәаа адемаркациа азҵаара иқәгылоуп, ақырҭуа партниорцәеи ҳареи ари азҵааразы ҳаиқәшаҳаҭҳахьеит», —  иҳәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәаатә мчра рышьақәгылара амш инамаданы имҩаҧгаз аусмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз.

Ҧашиниан иажәақәа рыла, Қырҭтәылеи Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рыбжьара аҳәаақәа рдемаркациа ала аҳәаақәа рҳәаақәҵара апроцесс хыркәшахоит, убри анеҩс, Шәамахьтәыла, жәларбжьаратәи азхаҵара азмоу аҳәааәа ирҭагӡаны, аҿиара апрограмма анагӡара алшоит.