Никол Ҧашиниан - Бақәа Шәамахьтәыла ихьыҧшым аҵакырадгьыл 60-70% «Мраҭашәаратә Азербаиџьан» ҳәа иашьҭоуп, ҳара ари азҵаара ҳагьалацәажәом
Никол Ҧашиниан - Бақәа Шәамахьтәыла ихьыҧшым аҵакырадгьыл 60-70% «Мраҭашәаратә Азербаиџьан» ҳәа иашьҭоуп, ҳара ари азҵаара ҳагьалацәажәом

«Бақәа   Шәамахьтәыла ихьыҧшым аҵакырадгьыл  60-70%  «Мраҭашәаратә Азербаиџьан» ҳәа иашьҭоуп, ҳара ари азҵаара ҳагьалацәажәом», — иҳәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан аҭырқәа АИХқәа рхаҭарнакцәа данырҧылоз.

Никол Ҧашиниан иҳәамҭала, Шәамахьтәыла аҵакырадгьылаҿ  «Мраҭашәаратә Азербаиџьан» иҟам, аӡәы мраҭашәаратә Азербаиџьан иҧшаар иҭахызар, уи  Газахи, Акстафи, Кедабеки, Кельбаџьари, Лачини, Зангелани, Губадли араионқәа роуп.

Шәамахьтәыла аҧыза-министра ишиҳәаз ала, Азербаиџьан ари азҵаара рхы иадырхәоит аҵакырадгьылтә претензиақәа рықәыргыларазы.

Иара убас, Ҧашиниан ишиҳәаз ала, Шәамахьтәыла   «Зангезуртәи акорридор» азҵаарагьы алацәажәара аҭахым, избанзар, уигьы Шәамахьтәылахь аҵакырадгьылтә претензиақәа ирызкуп.

«Атранспорттәи аекономикатәи аимадарақәа ҳрылацәажәозар, ҳара уи ҳазыхиоуп, ааи, ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, аиурисдикциеи рышьаҭала арегионалтә ҵакы змоу атранспорттәи аекономикатәи коммуникациақәа раартра ҳазыхиоуп.  Насгьы, аҭагылазаашьа шыуадаҩу еилкааны, ҳара ари апроцесс армариарагьы ҳақәшаҳаҭуп. Аихамҩатә аимадарагьы аиҭашьақәыргыларазы ажәалагалақәак ҟаҳҵеит, Азербаиџьан аҟынтә аҭак ҳазыҧшуп», — иҳәеит Ҧашиниан.