Ника Мелиа – Атәылаҿ европатәи амилаҭтә аиҳабыра иҟазароуп, уи еиҧш алшара ҟалоит 2024 шықәсатәи алхрақәа рышьҭахь
«Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Ника Мелиа ишиҳәаз ала, иара атәыла акандидат астатус аиуп ҳәа дгәыҕуеит.
Иара игәаанагарала, иахьазы атәылаҿ европатәи аиҳабыра иҟам, аха, уезгьы акандидат астатус аҵакы ду амоуп. Мелиа иажәақәа рыла, 2024 шықсатәи алхрақәа рышьҭахь атәылаҿы европатәи амилаҭтә еиҳабыра аиқәыршәара алшара ҟалоит.
«Атәыла ауааҧсыра иузымчҳаша аҭагылазаашьа иҭазыргылаз аиҳабыра шҳамоугьы, атәыла акандидат астатус аиуп ҳәа сгәыҕуеит, избанзар, уи ҳуааҧсыра европатәи аҭаацәара ду иаҳа иазааигәанатәуеит. Акандидат астатус аҵакы ду амоуп, ҳара астатус ҳауроуп, аха, атәылаҿ европатәи амилаҭтә аиҳабыра иҟазароуп, уи еиҧш алшара ҟалоит 2024 шықәсатәи алхрақәа рышьҭахь. Ақырҭуа жәлар абри атәыла иаҧшәымацәаны ианыҟалалак, Биӡина Иванишвили имшала ҳазҭагылоу апроблемақәа зегьы ӡбахоит. Аҳәынҭқарра зырбго ак иҟазар, уи Биӡина Иванишвили иолигархиатә режим ауп, ари арежим иҧсахтәуп», — иҳәеит Ника Мелиа.