Ника Мелиа апартиа анапхгара рахь ааҧхьара ҟаиҵеит апартиа аҩныҵҟатәи алхрақәа  рымҩаҧгаразы  мап ркырц
Ника Мелиа апартиа анапхгара рахь ааҧхьара ҟаиҵеит апартиа аҩныҵҟатәи алхрақәа  рымҩаҧгаразы  мап ркырц

«Амилаҭтә ҵысра» ҧасатәи ахантәаҩы  Ника Мелиа  апартиа анапхгара рахь ааҧхьара ҟаиҵеит апартиа аҩныҵҟатәи алхрақәа  рымҩаҧгаразы  мап ркырц.

Ника Мелиа асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала,  Страсбургтәи аӡбарҭа Михаил Саакашвили ииагаразы идукатцәа иҟарҵаз аҳәара нанамгӡеит.

«Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы ҳара аҩныҵҟатәи аимакқәа зегьы раҧыхра ҳаҳәоит.

Аҭыҧантәии жәларбжьаратәии аӡбарҭақәа рықәҵарақәа иазҧхьагәаҭаны, алхрақәа рымҩаҧгара иаамҭам ҳәа ҳгәы иаанагоит.

Апартиа анапхгара рахь ааҧхьара ҟасҵоит аҩныҵҟатәи алхрақәа рымҩаҧгаразы мап ркырц,  алҵшәа зхылҵша иҟәышу ашьаҿақәа ҟарҵарц», — иҩит  Ника Мелиа.

Иахьа Қырҭтәыла аиустициа аминистр Рати Брегаӡе ааицҳаит Страсбургтәи аӡбарҭа Михаил Саакашвили Варшаваҟа ииагаразы мап шицәыркыз,  атәыла анапхгара Саакашвили атәыла аҩныҵҟа даҽа хәышәтәырҭакахь ииагара шрыдрымҵаз.