Ника Гварамиа – Ҳаҭыр зқәу Фицои ҳаҭыр зқәу Орбани, шәара аканнибалцәа шәрыдгылоит, Қырҭтәыла Европа аҭахуп, ишахәҭоу еиҧш шәхы мҩаҧыжәга, ақьырсиантәи европатәи апринципқәа ирышьашәаланы
Ника Гварамиа – Ҳаҭыр зқәу Фицои ҳаҭыр зқәу Орбани, шәара аканнибалцәа шәрыдгылоит, Қырҭтәыла Европа аҭахуп, ишахәҭоу еиҧш шәхы мҩаҧыжәга, ақьырсиантәи европатәи апринципқәа ирышьашәаланы

«Ҳаҭыр зқәу Фицои ҳаҭыр зқәу Орбани, шәара аканнибалцәа шәрыдгылоит, Қырҭтәыла Европа аҭахуп, ишахәҭоу еиҧш шәхы мҩаҧыжәга, ақьырсиантәи европатәи апринципқәа ирышьашәаланы», —  иҳәеит  «Аиҭакрақәа рзы акаолициа» алидер Ника Гварамиа Зураб Џьаҧариӡеи Еврпарламент адепутатцәа  Даниус  Жалимеи  Урмас Паети иареи Европарламентаҿ еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.

Ника Гварамиа Қарҭ апротестаан иаанкылаз ауааҧсыра рфотоҭыхымҭақәа цәыригеит.

«Арҭ ауаа аанкылоуп  —  ари Қырҭтәылоуп, дара абахҭа иҭакуп, аполитбаандаҩцәоуп. Ари Қырҭтәылоуп,  урҭ  ауаа зыргәаҟуаз аӡбаҩцәеи апрокурорцәеи аполицаицәеи  ракәӡам.  Ҳаҭыр зқәу Фицои ҳаҭыр зқәу Орбани, шәара аканнибалцәа шәрыдгылоит, дара ракәӡам Қырҭтәыла, абарҭ ауаа роуп Қырҭтәыла.   Қырҭтәыла Европа аҭахуп, ишахәҭоу еиҧш шәхы мҩаҧыжәга, ақьырсиантәи европатәи апринципқәа ирышьашәаланы», — иҳәеит  Гварамиа.