Ника Гварамиа - Даҽа Шарль Мишель дҟалом, атерористцәа рҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара аҭыԥ амам, алхрақәа еиҭамҩаԥгатәуп
«Атҟәацәа рыла ахәаахәҭра, аконституциатә аарҳәра зҭаху изакәандароу абандаҟны аиҿацәжәара ҟалом», — иҩит асоциалтә ҳаҿы «Аԥсахрақәа рзы акоалициа» алидер Ника Гварамиа.
Гварамиа иажәақәа рыла, атерористцәа рҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара ҟалом.
«Ҳкоалициа хаҭарнакцәа аиԥыларашҟа имнеит ҳәа згәы иалсыз ауаа расҳәар сҭахуп – Европа ахеилак анапхгаҩы ибрифинг ахцәажәара сгәы иҭам. Даҽа Шарль Мишель дҟалом, атерористцәа рҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара аҭыԥ амам. Ари акгьы аԥсахуам, ихадоу зҵаарас иқәӡа́ргыло абри ауп – алхрақәа еиҭамҩаԥгатәуп», — иҩит асоциалтә ҳаҿы «Аԥсахрақәа рзы акоалициа» алидер Ника Гварамиа.