Қарҭтәи ақалақьтә ӡбарҭа “Акоалициа аԥсахрақәа” алидер Ника Гварамиа 12 мштәи административтә ҭакра иқәырҵеит.
Ари аӡбамҭа аӡбаҩ Коба Чагунава идикылеит.
Ника Гварамиа аӡбарҭа аилатәараҿ иҟаиҵаз аҳәамҭала, азакәанқәа ажәлар мацара рзы иҩым, урҭ, раԥхьаӡа иргыланы, аҳәынҭқарразы иҩуп.
Ника Гварамиа ԥхынҷкәын 4 рзы апартиа “Дроа” аофис аҟынтә административтә зинеилазарақәа рзакәанеидкыла 166-тәии 173-тәи ахәҭачла даакылан.
Азакәанхьчаҩцәа “Дроа” аофис анеимырдоз аамҭазы, аофис аҵакырадгьыл аҿы Ника Гварамиеи аполициа аусуҩцәеи еиҿагылеит, уи ашьҭахь Гварамиа даанкылан.