Нидерланды Қырҭтәылеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи 8 миллион евро арратә цхыраара азоурышьҭуеит
Нидерланды Қырҭтәылеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи 8 миллион евро арратә цхыраара азоурышьҭуеит. Нидерланды адәныҟатәи аусқәа рминистр Вопке Хекстра ари аҳәамҭа ҟаиҵеит «De Telegraaf» аинтервиу аҿы.
Зыӡбахәы ҳәоу аҧара аҧырҩы дызмам аҧырратә аппаратқәа рықәхреи, абџьар ашьҭаҵарҭақәа рыхьчара арҕәҕәареи, акибержәыларақәа рҽацәыхьчареи иазкуп.
Нидерланды адәныҟатәи аусқәа рминистр ишиҳәаз ала, иахьатәи аҭагылазаашьаҿы НАТО Мрагыларатә Европа атәылақәа рҟны аусеицура арҕәҕәароуп. Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла Қырҭтәылеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи рыҩныҵҟатәи аусқәа аҽаланагалар аҭахуп.