Непал иҟалаз аӡхыҵреи адгьылҳәазареи рымшала иҭахаз рхыҧхьаӡара шьҭыҵит 162ҩык рҟынӡа, хабарда ибжьаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит 1 500ҩык рҟынӡа
Непали Китаии аӡхыҵреи адгьылҳәазареи рымшала хабарда ибжьаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара 1 500ҩык рҟынӡа ишьҭыҵит, урҭ рҟынтә 800ҩык иреиҵамкәа атәымуаауп.
Непал анапхгара ринформациа ала, иҭахаз рхыҧхьаӡара шьҭыҵит 162ҩык рҟынӡа, урҭ реиҳара Тибет иҟоу ашьхаҳаракыратә ныҳәарҭахь ицоз ауаа роуп.
Дара рдыррақәа рыла, агәыҧ ҷыдақәа аҭыҧаҿ иаанхаз шәҩыла ауааҧсыра агежьҧрыгақәа рыла ирыцхраауеит.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, арегионаҿ иҟалаз адгьылҵысра амшала анаҟәоу ҵаҟатәи ахәҭа ибган, аӡхыҵра иалагеит.
Америка аҳәынҭқарратә департамент адыррақәа рыла, аҧсабаратә рыцҳара ақәҿыҭразы абжьагаҩ Непалҟа ддәықәырҵоит, иара убас, 500 000 адоллар ацхыраара рырҭоит. ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутереш иҳәамҭала, ЕАР агәыҧқәеи апартниорцәеи азарал зауз ауаа ацхыраара рыздәықәырҵоит.