Ненси Фезер - Қырҭтәыла ишәарҭам атәылақәа рсиа иалоуп, убри аҟынтә Қырҭтәыла атәылауаа ахыҵәахырҭа аиура ирцәыуадаҩхоит, аха аквалификациа змоу аусуҩцәа аусурҭалареиқәыршәара апроцесс нагӡахоит
Ненси Фезер - Қырҭтәыла ишәарҭам атәылақәа рсиа иалоуп, убри аҟынтә Қырҭтәыла атәылауаа ахыҵәахырҭа аиура ирцәыуадаҩхоит, аха аквалификациа змоу аусуҩцәа аусурҭалареиқәыршәара апроцесс нагӡахоит

Германтәыла Афедеративтә Республика Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Ненси Фезер Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаурии лареи еицымҩаԥыргаз аконференциаҿ ишылҳәаз ала, Қырҭтәылеи Германтәылеи аусеицура ӷәӷәа рыбжьоуп.

“Ҷыдала иазгәасҭар сҭахын Қырҭтәыла акандидат статус анашьара аҭагылазаашьа. Европа ахеилак аӡбара хада аднакылеит, Германтәыла ари апроцесс адгылон. Даара сеигәырӷьоит амиграциа иазку аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ахьҳалшаз. Қырҭтәыла ишәарҭам атәылақәа рсиа иалоуп, убри аҟынтә Қырҭтәыла атәылауаа ахыҵәахырҭа аиура ирцәыуадаҩхоит, аха аквалификациа змоу аусуҩцәа аусурҭалареиқәыршәара апроцесс нагӡахоит”, — илҳәеит Ненси Фезер.

Қырҭтәылеи Германтәыла Афедеративтә Республикеи амиграциеи амобилреи ирызку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Аиқәшаҳаҭра рнапқәа аҵарҩит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаурии Германтәыла Афедеративтә Республика Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Ненси Фезери.