Нед Праис – Қырҭтәылеи Молдовеи Америказы крызҵазкәа партниорцәоуп, ҳара арҭ атәылақәа рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылоит
«Қырҭтәылеи Молдовеи Америказы крызҵазкәа партниорцәоуп, ҳара арҭ атәылақәа рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылоит», — иҳәеит Америка Аҳәынҭқарртә департамент ахаҭарнак.
Праис иҳәамҭала, Вашингтон зыӡбахәы ҳәоу арегион аҿы апартниорцәа рҟны еснагь аимадара амоуп. Иара иажәақәа рыла, Америка наҟ-наҟгьы аҩ-тәылак ирыдгылоит.