Нед Праис -Қырҭтәыла ҳара ҳзы астратегиатә партниоруп, ҳхықәкқәа иреиуоуп апартниорра анагӡареи ари амҩаҿ Қырҭтәыла адгылареи
ЕАШ – адемократиатә, иқәҿиароу, иҭынчу, евроатлантикатә ԥеиԥш зҭаху ақырҭуа жәлар рҟны апартниорра нанагӡоит, – иҳәеит ЕАШ адепартамент ахаҭарнак Нед Праис абрифинг аҿы.
Праис иажәақәа рыла, ЕАШ зхы иақәиҭу АИХқәа рыдгылара нанагӡоит.
„Ҳара ақырҭуа ҳпартниорцәа рҟны адемократиа ашьаҭақәа рырӷәӷәаразы иаҭаху азҵаарақәа рыхцәажәараан еилыкка ааҳарԥшуеит ҳпозициа. Уи иалоуп адемократиатә институқәеи азин аиҳаӡареи. ЕАШ – адемократиатә, иқәҿиароу, иҭынчу, евроатлантикатә ԥеиԥш зҭаху ақырҭуа жәлар рҟны апартниорра нанагӡоит.
Амедиа ахақәиҭра ҳазааҭгылар, иааҟәымҵӡакәа шәаҳауеит адунеи аҿы зхы иақәиҭу адемократиатә медиа ароль ԥсахьша шамам. Арҭ амшқәа рзы аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Блинкен зхы иақәиҭу адемократиатә медиа аҵакы дахцәажәеит. Қырҭтәылеи даҽа тәылақәеи рҿы ЕАШ зхы иақәиҭу аихқәа рыдгылара нанагӡоит”, – иҳәеит Нед Праис.
Иажәақәа рыла, Қырҭтәыла ЕАШ рзы астратегиатә партниоруп, рхықәкқәа иреиуоуп апартниорра анагӡареи ари амҩаҿ Қырҭтәыла адгылареи.