Нед Праис - Еврокомиссиа абжьагарала инанагӡо ареформақәа рызҵааразы Қырҭтәыла аиҳабыраҟны аусеицуразы ҳахиоуп
Еврокомиссиа абжьагарала инанагӡо ареформақәа рызҵааразы Қырҭтәыла аиҳабыраҟны аусеицуразы ҳахиоуп, – иҳәеит ЕАШ аҳәынҭдепартамент апресспикер Нед Праис.
Ажурналистцәа Нед Праис иазҵааит Аҳәынҭдепартамент аҿы Биҿина Иванишвили иҭаацәара алахәылацәа Украина рзышьақәнаргылаз асанкциақәа ирызкны ирдыруеи, украинатәи аган рҟны ари азҵааразы аконсультациақәа амазма ҳәа.
“Украинатәи ҳпартнорцәа рҟны аусеицура ӷәӷәа ҳабжьоуп. Сара урҭ аларгалаз асанкциақәа ирызкны аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара сазыхиоуп. Аха Қырҭтәыла иазкны изныкымкәа ҳҳәахьеит – Еврокомиссиа абжьагарала инанагӡо ареформақәа рызҵааразы Қырҭтәыла аиҳабыраҟны аусеицуразы ҳахиоуп. Ари амҩаҿ Қырҭтәыла европатәи ашьҭазаара адгылара наҳагӡоит,” – иҳәеит Нед Праис.