Нед Праис - Аганқәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит рҽааныркыларц, аҭагылазаашьа арцәгьара азин арымҭарц, аха азакәан аиҳаҿареи Қырҭтәыла адемократиатә хәынаӡарақәеи рыхьчарц
Нед Праис - Аганқәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит рҽааныркыларц, аҭагылазаашьа арцәгьара азин арымҭарц, аха азакәан аиҳаҿареи Қырҭтәыла адемократиатә хәынаӡарақәеи рыхьчарц

Аганқәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит рҽааныркыларц, аҭагылазаашьа арцәгьара азин арымҭарц, аха азакәан аиҳаҿареи Қырҭтәыла адемократиатә хәынаӡарақәеи рыхьчарц, – иҳәеит аҳәынҭдепартамент аспикер Нед Праис.

Праис иажәақәа рыла, ЕАШ Қарҭ имҩаԥысуа апротест икылкааны ацклаԥшра нанагӡоит.

„Ҳара Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааԥхьра ҟаҳҵоит аҭынч аизарақәеи аҭынч протест ахақәиҭреи рыхьчарц. Аганқәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит рҽааныркыларц, аҭагылазаашьа арцәгьара азин арымҭарц, аха азакәан аиҳаҿареи Қырҭтәыла адемократиатә хәынаӡарақәеи рыхьчарц. Аҵыхәтәантәи амшҵәа рзы ишыҳҳәаз еиԥш, атәымтә агентцәа изыку азакәанпроект иазкны ҳгәынамӡара ааҳарԥшуеит, уи рыдыркылар, стигматизм ахылҵуеит, еиӷьу аԥеиԥш зҭаху атәылауаа зхы иақәиҭу рыбжьқәа рхәаҽра ахылҵуеит.

Апарламент Креиль аҿы иргәаԥхо азакәанпроект аднакылоит, уии Европаҿ аинтеграциеи ихьыпшым аҿиареи ирызкны Қырҭтәыла атәылауаа ргәазыҳәареи еинаалом. Ари азакәанпроект, ҳгәаанагарала, Қырҭтәылеи астратегиатә партниорцәеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәеи, Қырҭтәыла евроатлантикатә аԥеиԥши ашәарҭа ҭаднаргылоит. ЕАШ Қырҭтәыла астартегиатә партниоруп. Қырҭтәыла Европеи, Евроеидгылеи рҿы аинтеграциа наӡа аҭахуп”, – иҳәеит Праис.

Аҳәынҭдепартамент аспикер ишазгәеиҭаз ала, ЕАШ ақырҭуа жәлари урҭ рҽазкрақәеи ирыдгылоит, иақәгәыӷуеит Қырҭтәыла аиҳабыреи атәылақәа зегьы реиҳабырақәеи рыуаажәлар рҽазкрақәа шынарыгӡо