NDI авице-ахада – Алхрақәа ирылахәу апартиақәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит алхратә кампаниа аан азакәан ҳаҭыр ақәырҵарц
«Амилаҭтә демократиатә институт (NDI) кыраамҭатәи анаҧшцәа Қырҭтәыла имҩаҧысуа алхрақәа ирызкны аҳасабырба дырмазеиуеит. Сара алхрақәа ирыдҳәаланы аиҧыларақәа мҩаҧызго аделегациа салахәып, избанзар Адемократиатә институти Америкеи рзы Қырҭтәыла аҵакы ду амоуп», — илҳәеит Амилаҭтә демократиатә институт авице-ахада инапынҵақәа назыгӡо Николь Роузел.
Лара лажәақәа рыла, алхрақәа рзы аҽазыҟаҵара апроцесс шымҩаҧысуа еилыркаарц азыҳәан, Амилаҭтә демократиатә институт ахаҭарнакцәа ақырҭуа политикатә партиақәа рхаҭарнакцәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи, аиҳабыреи рҟны аиҧыларақәа мҩаҧыргоит.
«Ҳара алхрақәа ҳрыцклаҧшуам, ҳделегациа хәыҷуп. Аха, ақырҭуа политикатә партиақәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи, аиҳабыреи ахаҭарнакцәа ҳарҧылоит, избанзар алхрақәа рзы аҽазыҟаҵара апроцесс шымҩаҧысуа еилаҳкаар ҳҭахуп. Ишыжәдыруа ала, ҳара ҵыҧх иҟаз аполитикатә кризис ҳшыҩзышьҭрала ҳацклаҧшуан. Абарҭ алхрақәа шымҩаҧысуа аабар ҳҭахуп. Ақырҭуа жәлар роуп алхрақәа рылҵшәақәа зхьыҧшу, — илҳәеит Амилаҭтә демократиатә инстиут авице-ахада.