Натои Қырҭтәылеи ирыбжьоу апакет аҳәаақәа ирҭагӡаны, Швециа аиҳабыра Қырҭтәыла азалнахит хәмиллион швециатәи крона
Натои Қырҭтәылеи ирыбжьоу апакет аҳәаақәа ирҭагӡаны, Швециа аиҳабыра Қырҭтәыла азалнахит хәмиллион швециатәи крона

Натои Қырҭтәылеи ирыбжьоу апакет аҳәаақәа ирҭагӡаны, Швециа аиҳабыра Қырҭтәыла азалнахит хәмиллион швециатәи крона, – асоциалтә каҭаҿы аалыцҳаит Швециа ацҳаражәҳәаҩ Анна Либрег.

Иашьашәалоу аинформациа ианылеит Швециа аиҳабыра рвебдаҟьа, адокумент аҿы ишану ала, ари аԥара азалырхит иашьҭанеиуа ахырхарҭақәа – акризис анапхгараҭара, акибершәарҭадара, аинформациа аиҭныԥсахлара.

Иара убас Швециа аиҳабыра аԥара азалырхиит Украинеи Молдовеи.

Апакет аҳәаақәа ирҭагӡаны Украина аиуеит 50 миллион крона, Молдова – хәмиллионк.