НАТО еидҵоу мчқәа рзыҟаҵаратә центр ахаҭарнакцәа хымштәи визитла Қырҭтәыла иаҭааит
НАТО еидҵоу мчқәа рзыҟаҵаратә центр (JFTC) аиҳабы ихаҭыԥуаҩ абригадатә аинрал Петр Свободеи, азыҟаҵарақәа рыҟәша ахаҭарнак, аинрал Ладислав Свездеи хымштәи аусуратә визитла Қырҭтәыла иҟан.
Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, НАТО ахаҭарнакцәа Крҵаниси иҟоу Қырҭтәылеи Натои рзыҟаҵаратә центр (JTEC) иаҭааит.
Ацентр аиҳабы аполковник Давид Гагуа ишазгәеиҭаз ала, асасцәа аинфромациатә брифинг рзымҩаԥиган, инагӡоу апроектқәеи наҟ-наҟтәи апланқәа дрыхцәажәеит.
“Хымштәи авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны JTEC ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа реиҳабы, аинрал-маиор Заза Чхаиӡеи, атәылахьчаратә мчқәа аструктуратә ҟәшақәа рхаҭарнакцәеи ирԥылеит. Асасцәа JTEC иалоу Ақәԥаратә зыҟаҵарақәа рцентр СТС иаҭааит.
НАТО-Қырҭтәылатәи азыҟаҵарақәеи ахәшьараҭареи ацентр (JTEC) Польша иҟоу НАТО еидҵоу мчқәа рзыҟаҵаратә центр (JFTC) аҟны аусеицра ибжьаҵан 2017 шықәсазы. 2020 шықәсазы ацентрқәа аапртниорра иазку аиқәшаҳаҭра рнапқәа аҵарҩит”, – иануп Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа аҿы.