Нато апарламенттә ассамблеиа ахада - Қырҭтәыла азеиԥш демократиатә хәынаӡарақәа гәыкала рзыҟазаара аиҭахәаԥшра ҳаӡбеит, ари ҳпартниорра наҟ-наҟтәи аҿиара зеиԥшрахо иаҳнарбоит
Қырҭтәыла азеиԥш демократиатә хәынаӡарақәа гәыкала рзыҟазаара аиҭахәаԥшра ҳаӡбеит, ари ҳпартниорра наҟ-наҟтәи аҿиара зеиԥшрахо иаҳнарбоит, – иҳәеит Нато апарламенттә ассамблеиа ахада Маркос Перестрелло.
Перестрелло иажәақәа рыла, иҳаҩсыз амчыбжьқәа ирылагӡаны ақырҭуа жәлар адемократиеи европатәи Қырҭтәылеи гәыкала шырхыҟо аадырԥшит.
“Ақырҭуа политикатә лидерцәа ажәлар ирзыӡырҩны, адемократиа шьҭахьҟа ацара иаҟәыҵроуп. Ҳассамблеиа Қырҭтәыла адемократиатә, европатәии евроатлантикатәи ашьҭазаарақәа еснагь ирыдгылон. Ари наҳагӡоит. Убри аҟынтә, Қырҭтәыла азеиԥш демократиатә хәынаӡарақәа гәыкала рзыҟазаара аиҭахәаԥшра ҳаӡбеит, ари ҳпартниорра наҟ-наҟтәи аҿиара зеиԥшрахо иаҳнарбоит. Ари ақырҭуа делегациа анапхгаҩы Гиви Миқанаӡе иахь иҳашьҭыз ашәҟәы аҟны ааԥхьара ҟасҵоит имоу анырра Қырҭтәыла адемократиатә мҩахь ахынҳәразы ихы иаирхәарц”, – иазгәеиҭеит Перестелло.