НАТО акоммиунике  - Ҳара Бухаресттәи асаммит аӡбара ҳадгылоит, Қырҭтәыла алианс алахәылас иҟалоит
НАТО акоммиунике  - Ҳара Бухаресттәи асаммит аӡбара ҳадгылоит, Қырҭтәыла алианс алахәылас иҟалоит

«Ҳара дааҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит 2008 шықәсазы Бухарест имҩаҧгаз асаммит аҿы ирыдыркылаз аӡбара ҳшадгыло, Қырҭтәыла алианс алахәылас иҟалоит», — иануп НАТО асаммит ашьҭахь аларҵәара зауз аихшьаалатә документ аҿы.

Адокумент аҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп Қырҭтәыла ахатә ҧеиҧши адәныҟаполитикатә хырхарҭеи алхра азин шамоу.

«Ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит 2008 шықәсазы Бухарест имҩаҧгаз асаммит аҿы ирыдыркылаз аӡбара ҳшадгыло, Қырҭтәыла алианс алахәылас иҟалоит.

Қырҭтәыла ахатә ҧеиҧши адәныҟаполитикатә хырхарҭеи алхра азин амоуп.

Зылшарақәа ҕәҕәоу апартниор аҳасабала, Қырҭтәыла активла алианс аҟны аусеицура иаҿуп, НАТО аоперациақәа ирылахәып, ҳара уи ахә ҳшьоит, избанзар абри атәыла лабҿаба аанарҧшит евроатлантикатә шәарҭадара аиқәыршәараҿы алагала аҟаҵара шалшо.

Ҳара уажәааны Қырҭтәыла аполитикатә лидерцәа ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭра ҳадгылоит.

Зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра  крызҵазкәа ареформақәа рымҩаҧгара иацхраауеит, уи абзоурала, Қырҭтәыла, НАТО ашҟа аинтеграциа апроцесс аҿы апрогресс аиур алшоит», — иануп акоммиунике аҿы.