НАТО аимадаратә офис  анапхгаҩы  - Асаммит аҿы аидгылаҩцәа аӡбара рыдыркылеит зегьы реиҳа иаҳзааигәоу ҳпартниорцәа рҟны аизыҟазаашьақәа рырҭбааразы, урҭ иреиуп Қырҭтәылагьы
НАТО аимадаратә офис  анапхгаҩы  - Асаммит аҿы аидгылаҩцәа аӡбара рыдыркылеит зегьы реиҳа иаҳзааигәоу ҳпартниорцәа рҟны аизыҟазаашьақәа рырҭбааразы, урҭ иреиуп Қырҭтәылагьы

«Мадридтәи асаммит аҿы аидгылаҩцәа аӡбара рыдыркылеит зегьы реиҳа иаҳзааигәоу ҳпартниорцәа рҟны аизыҟазаашьақәа рырҭбааразы, урҭ иреиуп Қырҭтәылагьы, — иҳәеит НАТО аимадаратә офис анапхгаҩы  Алеқсандр Винников.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла  зегьы раасҭа иаҧырхагоуп адәныҟатәи ашәарҭарақәеи ашәарҭадаратә лагылазаара аҽалагалареи.

«Ишыжәдыруа ала, иҳаҩсыз амчыбжь азы НАТО атәылақәа рлидерцәа Мадрид имҩаҧысуаз асаммит аҿы еизеит. Уаҟа НАТО аҧеиҧш иадҳәалоу крызҵазкәа аӡбарақәа рыдыркылеит. Ари асаммит атранформациа иазкын. Аидгылаҩцәа, иаҳа- иаҳа ишәарҭахаз, аконкуренциа ахьдухаз адунеи аҿы  Алианс арҕәҕәаразы зҵакы дуу аӡбарақәа рыдыркылеит. Ари адунеи аҿы Урыстәыла, Китаи уҳәа авторитартә режимқәа жәларбжьаратәи аиҿкаара иаҧырхагоуп. Аидгылаҩцәа ирыдыркылаз аӡбарақәа 6 категориак рыла ишьақәгылоуп. Раҧхьа иргыланы, аидгылаҩцәа аӡбара рыдыркылеит аанкылара аполитика шьаҭанкыла аҧсахреи ахыхьчаразы афинансыркра аизырҳареи азы. Аҩбатәи – аидгылаҩцәа Швециеи Финлиандиеи НАТО алаларазы ааҧхьара рырҭеит. Арҭ атәылақәа НАТО иалалар, даргьы ирзеиҕьхоит, насгьы, Алианси Европеи ршәарҭадара арҕәҕәоит. Ахҧатәи – алидерцәа кыраамҭала Украина ацхрааразы еиқәшаҳаҭхеит. Аҧшьбатәи – НАТО алидерцәа анеҩстәи жәашықәсазы иазҧхьагәаҭоу НАТО астратегиатә концепциа рыдыркылеит.  Ахәбатәи – аидгылаҩцәа аклимат аҽаҧсахра иаҿагыло ақәҧара арлахҿыхразы еиқәшаҳаҭхеит. Афбатәи –  асаммит аҿы аидгылаҩцәа аӡбара рыдыркылеит зегьы реиҳа иаҳзааигәоу ҳпартниорцәа рҟны аизыҟазаашьақәа рырҭбааразы, урҭ иреиуп Қырҭтәылагьы. Асаммит аҿы Қырҭтәыла дахаҭарнакын аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.  Иара аҩбатәи аилатәара далахәын. Ишыжәдыруа ала, Қырҭтәыла  – адәныҟати ашәарҭарақәа рҟынтә зегьы раасҭа ҧырхага зауз  НАТО апартниорцәа иреиуп. НАТО ҕәҕәала Қырҭтәыла иадгылоит, ҷыдала – ари атәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи азҵаараҿы. Иара убас, НАТО алахәылацәа ишьақәдырҕәҕәеит Бухаресттә асаммит аӡбара амч шамоу, Қырҭтәыла хымҧада НАТО ишалало», — иҳәеит  Алеқсандр Винников.