НАТО аексперттә гәыҧ аҳасабырба – НАТО Украинеи Қырҭтәылеи рҟны апартниорра арҭбаара иазҿлымҳазароуп, избанзар Урыстәыла еснагь абарҭ аҳәынҭқаррақәа ирықәыҕәҕәоит
НАТО Украинеи Қырҭтәылеи рҟны апартниорра арҭбаара иазҿлымҳазароуп, избанзар абарҭ аҳәынҭқаррақәа алианс иалалар рҭахуп, аха Урыстәыла еснагь урҭ ирықәыҕәҕәоуит. Ари атәы иануп НАТО аекспертцәа ргәыҧ аҳасабырбаҿы. Ари адокумент 2030 шықәсанӡа алианс апланқәка ирызкуп.
Иара убас, адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала, иаарту ашә аполитика иаҳа ирлахҿыхтәуп.
Аекспертцәа ргәаанагарала, Қырҭтәылеи Украинеи ирҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго агрессиеи, Амшын еиқәеи, Балтиатә амшыни, мрагыларатә Адгьылбжьаратә мшыни рҿы Урыстәыла арратә ауранагӡареи евроатлантикатә регион аҿы ашәарҭадара иаҧырхагоуп.
НАТО авебсаит аҿы икьыҧхьу адокумент ишану ала, амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг НАТО апрограмма иадҳәаланы алидерцәа ирызцәыриго иҧшьгарақәа еиқәиршәоит зыӡбахәы ҳәоу аҳасабырба ашьаҭа ала.