НАТО 2022 шықәсатәи астратегиатә концепциа  -  2008 шықәсазы Бухаресттәи асаммит аҿы  Қырҭтәылеи Украинеи ирыдҳәаланы иҳадаҳкылаз аӡбареи анеҩстәи аӡбарақәеи  шьақәҳарҕәҕәоит
НАТО 2022 шықәсатәи астратегиатә концепциа  -  2008 шықәсазы Бухаресттәи асаммит аҿы  Қырҭтәылеи Украинеи ирыдҳәаланы иҳадаҳкылаз аӡбареи анеҩстәи аӡбарақәеи  шьақәҳарҕәҕәоит

«Евроатлантикатә аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, ашәарҭадареи рҿы иаҳзеиҧшу аинтересқәа рырҕәҕәаразы, Босниеи Герцеговинеи, Қырҭтәылеи, Украинеи   рҟны апартниорра наҳагӡоит», — иануп  НАТО 2022 шықәсатәи астратегиатә концепциаҿы.

Адокумент ишану ала, Алианс, НАТО иалалар зҭаху атәылақәа рҟны аполитикатә диалоги аусеицуреи арҭбаауеит.

«Алианс иалалар зҭаху атәылақәа ршәарҭадара ишиашо ҳшәарҭадара иадҳәалоуп. Ҳара рхьыҧшымреи рҵаркыдгьылтә акзаареи ҕәҕәала ҳадгылоит. Алианс, НАТО иалалар зҭаху атәылақәа рҟны аполитикатә диалоги аусеицуреи арҭбаауеит.

Евроатлантикатә аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, ашәарҭадареи рҿы иаҳзеиҧшу аинтересқәа рырҕәҕәаразы,  Босниеи Герцеговинеи, Қырҭтәылеи, Украинеи   рҟны апартниорра наҳагӡоит. 2008 шықәсазы Бухаресттәи асаммит аҿы  Қырҭтәылеи Украинеи ирыдҳәаланы иҳадаҳкылаз аӡбареи анеҩстәи аӡбарақәеи  шьақәҳарҕәҕәоит», — иануп НАТО 2022 шықәсатәи астратегиатә концепциаҿы.