National Geographic - Хаҷапури – ақырҭуа классикоуп, уи хымҧада агьама батәуп
National Geographic - Хаҷапури – ақырҭуа классикоуп, уи хымҧада агьама батәуп

 

Хаҷапури – ақырҭуа классикоуп, уи хымҧада агьама батәуп  — абас ахьӡуп  National Geographic аҿы икьыҧхьаз астатиа.

Қырҭтәыла Атуризм амилаҭтә администрациа адыррала, адунеи иреиҕьу аҭыжьымҭақәа иреиу аҭыжьымҭа National Geographic ажурналист Џьенифер Хатам Қырҭтәыла дыҟан Атуризм амилаҭтә администрациа еиҿнакааз   апресс-тур аҳәаақәа ирҭагӡаны. Астатиа автор  онлаин-аҧхьаҩцәа ирыдалгалеит  Қырҭтәыла атуристтә потенциали ачыси иазку аинформациа.

Астатиаҿы  иаагоуп ақырҭуа гастрономиатә ассоциациақәа рхаҭарнакцәеи, акулинариатә гидцәеи, ателеамҩаҧгаҩцәеи, ашеф-ачысҟаҵаҩцәеи ринтервиуқәа.

«Сара Қарҭ саҭааит хаҷапури закәу еилыскаарц азыҳәан. Аха, уи агьама анызба, ахкқәа зегьы рыҭҵааразы мышәқак шысзымхо еилыскааит.  Қырҭтәыла хаҷапури  50 раҟара ахкқәа иҟоуп.  Урҭ рыҟаҵашьа аҧҟарақәа шьақәыргылам,  ауаа зегьы дара ргьамала иҟарҵоит», — илҩит Џьенфер  Хатам.

National Geographic ажурналист лҳәамҭала, ақырҭуа кулинарцәа хаҷапури ИУНЕСКО иматериалым акультуратә ҭынха ҳасабала иазхарҵар рҭахуп.