Нанҳәа аҩбатәи азбжа инаркны ақырҭуа аилахәыра адунеитә аџьармыкьаҿ аидаратә авиамҩангарақәа рынагӡара иалагоит
Нанҳәа аҩбатәи азбжа инаркны ақырҭуа аилахәыра адунеитә аџьармыкьаҿ аидаратә авиамҩангарақәа рынагӡара иалагоит

Нанҳәа аҩбатәи азбжа инаркны ақырҭуа аилахәыра адунеитә аџьармыкьаҿ аидаратә авиамҩангарақәа рынагӡара иалагоит.

Қырҭтәыла Аекономика аминистрра адыррала, аилахәыра ҿыц аҧҵан америкатә афинанстә корпорациа  «Gazelle Finance» аҟны аусеицурала. Аилахәыра 4 ҳаирпланк амоуп.

Иахьа Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ аҳаирпланқәа руакы  Boeing737-800 BCF рбеит ақырҭуа-америкатә аган ахаҭарнакцәа, уаҟа иҟан Қырҭтәыла аекономика аминистр Леван Давиҭашвилии Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнани.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны уажәазы Қырҭтәыла аекономика иалаҵоуп 100 миллион лари, насгьы 150 аусуратә ҭыҧ ҿыцқәа еиқәыршәоуп.