Нaнҳәa – aфотоҭыхымҭaқәa Сиони aкaфедрaлтә ныхaбaa aҟынтә
Нaнҳәa – aфотоҭыхымҭaқәa Сиони aкaфедрaлтә ныхaбaa aҟынтә

Нанҳәа 28 рзы аиашахаҵаҩцәа  Ицқьаӡоу Анцәадзыхшаз Лылацәеиқәыҧсара амшныҳәа – Нанҳәа иазгәарҭоит. Қырҭтәыла  аиашахаҵарантә ныхабаакәа зегьы рҟны, Сиони акафедралтә ныхабаа уахь налаҵаны, Ицқьаӡоу Анцәадзыхшаз Лылацәеиқәыҧсара аныҳәа ду ахьӡала анцәа имаҵурақәа мҩаҧсуеит.

Сиони aкaфедрaлтә ныхaбaa aҿы aлитургиa Қырҭтәылa aкaтоликос-пaтриaрх Илиa aҩбaтәи мҩaҧигоит.

Ицқьаӡоу Анцәадзыхшаз Лылацәеиқәыҧсара аныҳәа азгәаҭара зызку Анцәа Иан
Мариа лыҧсҭазаара лалҵреи Лара цәеижьла жәҩан ахь лхалареи роуп. Анцәадзыхшаз лыҧсҭазаара лалҵреи анышә ламадареи рзы адырраҭара иашаны ишьақәыргылаӡам.