Нанҳәа  2-нӡа Қырҭтәыла ақәа леиуеит  
Нанҳәа  2-нӡа Қырҭтәыла ақәа леиуеит  

 

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра адыррала, нанҳәа 2-нӡа Қырҭтәыла ақәа леиуеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыл, Қарҭ алышәшәақәа ҟалом. Ҧхынгәы 31 рзы аҧша ҕәҕәа асуеит. Шьыбжьон  +28, +30 градус шоурахоит.

Аҟәара иаҧну арегионқәа рҿы  (Баҭым, Кобулеҭи, Анаклиа, Ҧуҭ): ҧхынгәы 30 инаркны нанҳәа  1-нӡа аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит. Аҳауа атемпература  +24, +26 градус аҟынӡа ишьҭыҵуеит.