Нанҳәа 2-5-нӡа Қырҭтәыла араионқәак рҿы ақәа леиуеит
Нанҳәа 2-5-нӡа Қырҭтәыла араионқәак рҿы ақәа леиуеит

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра нанҳәа 2-5 рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, нанҳәа 2-нӡа Қырҭтәыла ақәа леиуеит.

Нанҳәа 2 рзы Қарҭ аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит, аҳауа аԥхара +26, +28 градус иаҟарахоит, нанҳәа 3-5 рзы аҳауатә алышәшәақәа ҟалом, аҳауа аԥхарра ҽынла +34 градус иаҟарахоит.

Аҟәара иаҧну араионқәа рҿы  (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ҧуҭ): нанҳәа 2-5 рзы аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит, аҳауа аԥхарра ҽынла +31 + 33 градус иаҟарахоит.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла (Қәҭешь, Жәыргьыҭ, Мартвили, Озургеҭи, Зестафони): нанҳәа 2-5 рзы аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит, аҳауа аԥхара ҽынла  +30, +33 градус иаҟарахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) нанҳәа 2 аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит, аҳауа аԥхара +26, +28 градус иаҟарахоит, нанҳәа 3-5 рзы аҳауатә алышәшәақәа ҟалом, аҳауа аԥхарра ҽынла +30, +33 градус иаҟарахоит.

Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало):  аамҭа-аамҭала ақәа леир ҟалап. Аҳауа аԥхарра ҽынла  +18, +23 градус иаҟарахоит.