Иахьа 41 шықәсa ихыҵуазаарын Қырҭтәылa aмилaҭтә фырхaҵa Гьаргь Анҵухелиӡе.
Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра иаҵанакуа Гьаргь Анҵухелиӡе ихьӡ зху асержантцәа ракадемиа 4-тәи ашьаҟартә бригада арратә маҵзуҩцәеи афырхаҵа иуацәеи, иҩызцәеи Мухаҭгверди иҟоу аиашьаратә нышәынҭраҿ еизеит.
Арратә маҵзуҩцәа Гьаргь Анҵухелиӡе инышәынҭраҿ ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Урыстәыла-Қырҭтәылатәи еибашьраан, 2008 шықәса нанҳәа 9 рзы, ауаҧс сепаратистцәа 4-тәи ашьаҟартә бригада 41-тәи абаталион акапрал Гьаргь Анҵухелиӡе дааныркылеит . Гьаргь Анҵухелиӡе гәымбылџьбарала дыпҟаны, дыргәаҟны дыршьит. Ҧыҭраамҭак ашьҭахь, асепаратистцәа, ақырҭуа аруаҩ иргәаҟра акадрқәа аинтернет аҿы иаладырҵәеит. 2013 шықәса мшаԥы 15 рзы Анҵухелиӡе амилаҭтә фырхаҵа ихьӡ ианашьан.