Начо Санчес Амор – Молдовеи Украинеи астатус анрырҭоз, Қырҭтәыла мап ацәкра  аполиаризациа арҕәҕәара зхылҵыз агеополитикатә гхан
Начо Санчес Амор – Молдовеи Украинеи астатус анрырҭоз, Қырҭтәыла мап ацәкра  аполиаризациа арҕәҕәара зхылҵыз агеополитикатә гхан

«Европарламент алахәылацәа арҭбаара апроцесси Қырҭтәыла европатәи аперспективеи  иадгылоит.  Иҳаҩсыз амчыбжь азы Боррель сасра дышәҭан, иара еилыкка иҳәеит ҳара Қырҭтәыла евроинтеграциа ҳшадгыло. Ари ахықәкы анагӡаразы акзаара аҭахуп, аинститутқәа зегьы ракзаара», — иҳәеит  Европарламент адепутат  Начо Санчес Амор.

Адепутат игәаанагарала, Қырҭтәыла ари аҳасабтә нанагӡар, ари атәыла  хымҧада астатус аҭатәуп.

«Уажәазы атәыла ахадеи аиҳабыреи реизыҟазаашьақәа хырҳагара рхылҵуам. Аполитикатә партиақәа рыбжьарагьы апартиақәеи атәылауаҩратә уаажәларреи рыбжьарагьы акзаара аҭахуп. Ҳара уи ҳазыҧшуп, абарҭ аҭагылазаашьақәа нарыгӡар, Қырҭтәыла, формалла акәзаргьы, акандидат астатус аҭатәуп.  Сгәы ишаанаго ала, ҵыҧх Молдовеи Украинеи астатус анрырҭоз, Қырҭтәыла мап ацәкра  аполиаризациа арҕәҕәара зхылҵыз агеополитикатә агхан. Аполиаризациа армаҷра ацынхәрас, аполиаризациа иаҳа иҕәҕәахеит.  Агәра ганы сыҟоуп уи шымариамхо, аха, атәылауаҩратә уаажәларра ари ахықәкы анагӡара активла ишалахәы здыруеит. Уажәы, апарламенти апартиақәеи Бриуссели Европеи иддырбароуп дара абри ахықәкы анагӡаразы ишеидгыло», — иҳәеит адепутат.