Наҭиа Турнава - Раҧхьатәи адәыҕба Ереван-Баҭым-Қарҭ идәықәлоит рашәара 15 рзы
«Раҧхьатәи адәыҕба Ереван-Баҭым-Қарҭ идәықәлоит рашәара 15 рзы, ҳгәылара иҟоу аҳәынҭқаррантә атуристцәа, ҧыхьеиҧш, Қырҭтәыла иааны рыҧсы ршьоит», — илҳәеит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи азы аминистр Наҭиа Турнава аиҳабыра реилатәара ашьҭахь.
«Адгьылтә аҳәаақәа ааҳарҭижьҭеи мчыбжьык ауп иҵуа, аха раҧхьатәи алҵшәа убарҭоуп. Ҳгәылара иҟоу атәылақәа рҟынтә атуристцәа иаауа иалагеит. Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рыбжьара аихамҩатә аимадара еиҭашьақәгылоуп. Рашәара 15 рзы раҧхьатәи адәыҕба Ереван-Баҭым – Қарҭ идәықәлоит. Ҳгәылара иҟоу аҳәынҭқаррантә атуристцәа, ҧыхьеиҧш, Қырҭтәыла иааны рыҧсы ршьоит. Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи рҳәааҿы ауаа активла еиҭаҵуеит. Украинантә атуристцәа рхыҧхьаӡара ацлеит», — илҳәеит Наҭиа Турнава.