Наҭиа Турнава – Ҳгәы ишаанаго ала, иаиуа амзақәа рзы Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд апрограмма аиҭашьақәыргылара азҵаара аӡбара ҳалшоит
«Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд апрограмма ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп», — илҳәеит Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава ажурналистцәа данрацәажәоз.
Наҭиа Турнава ишылҳәаз ала, апрограмма аиҭашьақәыргылара азҵаара аҵакы ду амоуп.
«Инеизакны иуҳәозар, Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд Қырҭтәылеи ҳфинанстә системеи иазоунашьҭуа ацхыраара акрызҵазкәа факторуп жәларбжьаратәи аинвесторцәа ҳекономикеи ҳфинанстә системеи иаҳа иазҿлымҳазаарц азыҳәан. Ҳәарада, уажәазы ҳара ҳзы ахадаратә ҳасабтәуп аамҭала иаанкылаз абри апрограмма аиҭашьақәыргылара. Убри азыҳәан иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит. Апрограмма анааныркыла инаркны, аҧхынра инаркны, ҳара жәларбжьаратәи авалиутатә фонд еиуеиҧшым атехникатә миссиақәа аус рыцаауеит азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа рыдкылареи, иара убас, Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахьыҧшымра иаҳа арҕәҕәареи азыҳәан. Иара убас, дара агәра ргар рҭахуп ҳфинанстә система ҧасеиҧш ишҭышәынтәалоу, ишәшарҭам. Аинвесторцәа ҳфинанстә сектор ишазҿлымҳау жәбоит. Уи ҳрегионаҿ зегьы реиҳа аконкуренциа зылшо аусхкуп. Ҳара Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд аус ацура наҳагӡоит. Ауснагӡатәқәа рплан азы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Ҳгәы ишаанаго ала, иаиуа амзақәа рзы Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд апрограмма аиҭашьақәыргылара азҵаара аӡбара ҳалшоит», — илҳәеит Турнава.