Наҭиа  Турнава - «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан ҳфинанстә сектор ианыруам
Наҭиа  Турнава - «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан ҳфинанстә сектор ианыруам

«Ҳара «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан иадҳәалоу аконсультациақәа ҳрылахәым, избанзар уи ҳфинанстә сектор ианыруам», — илҳәеит Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава.

Насгьы, лара ишылҳәаз ала, абанктә амаӡа азакәан ала ихьчоуп.

«Ишдыру еиҧш, абри зегьы афизикатә хаҿқәа ирыдкьыслом, насгьы, абанктә амаӡа азакәанҧҵара ҷыдала ихьчоуп.  Убри аҟынтә, ари азакәан ҳадкьыслом. Ҳара аартызаара ҳадгылоит.  Ҳара зегьы реиҳа иаарту аструктурақәа ҳреиуп, аха, афинанстә сектор аҟны ишиашо аимадара ҳамам. Ҳәарада, ари апроцесс алахәызаара ҳахәҭам. Ари азакәан афизикатә хаҿқәа ирыдкьыслом. Абанктә сектор ҳалацәажәозар, абантә амаӡа азакәан ала ихьчоуп», — илҳәеит  Турнава.