Иахьа Амилаҭтә банк аҿы Ахеилак аилатәара амҩаҧган, аилатәараҿы Наҭиа Турнава Қырҭтәыла Амилаҭтә банк авице-ахадас далырхит, иара убас, лара, аамҭала, Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа налыгӡоит.
Амаҵзураҭыҧ ҿыц еиҿкаауп Амилаҭтә банк иазку азакәан иалагалаз аҧсахрақәа рышьаҭала.
Аиасратә аамҭазы, авице-ахадацәа руаӡәы иҧхықәрақәа рыҿҳәара нҵәаанӡа, Амилаҭтә банкаҿ ҧшьҩык авице-ахадацәа иҟазаауеит.
Уажәазы Амилаҭтә банк ахеилак иалахәып быжьҩык алахәылацәа. Саломе Зурабишвили апарламент адалгалеит даҽа ҩыџьа ркандидатурақәа, аха, апарлааменттә аиҳара ишырҳәаз ала, дара арҭ акандидатурақәа ирыдгылом. Амч змоу азакәан инақәыршәаны, бжьык алахәылацәагьы Амилаҭтә банк ахада иалхра рылшоит.
Амилаҭтә банк ҧасатәи ахада Коба Гвенетаӡе изинмчықәа рыҿҳәара нҵәеит хәажәкыра 2 рзы, убри анеҩс, иара иҭыҧ ааникылон Арчил Мествиришвили.
Наҭиа Турнава Амилаҭтә банк ахеилак далахәып 2022 шықәса рашәара инаркны, уаанӡа лара Қырҭтәыла аекономика аминистрс дыҟан.