Наҭиа Турнава акоммерциатә банкқәеи абизнесассоциациеи ахаҭарнакцәа дырҧылеит
Наҭиа Турнава акоммерциатә банкқәеи абизнесассоциациеи ахаҭарнакцәа дырҧылеит

 Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава абизнесассоциациеи акоммерциатә банкқәеи ахаҭарнакцәа дырҧылеит.

Аиҧылара алахәылацәа абанктә сектор аҿы аҿы аҭагылазаашьеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирылацәажәеит.

 Аиҧылараҿы даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан ақырҭуа афинанстә система еснагь жәларбжьаратәи асанкциақәа ишрықәныҟәоз ,  наҟ-наҟгьы ишрықәныҟәо.

„Абанктә сектори Амилаҭтә банки ҧасеиҧш, уажәгьы аус еицыруеит, иаку ахәаҧшыреи иаҳзеиҧшу ахықәки ҳамоуп. Ҳара, абанктә сектори Амилаҭтә банки жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа зегьы наҳагӡоит“, –  илҳәеит Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава.