Наҭиа  Мезвришвили – Алхратә комиссиа хадеи, апрокуратуреи, аӡбарҭеи ашаҳаҭгақәа рықәхра рҽазыркит
Наҭиа  Мезвришвили – Алхратә комиссиа хадеи, апрокуратуреи, аӡбарҭеи ашаҳаҭгақәа рықәхра рҽазыркит

«Алхратә комиссиа хадеи, апрокуратуреи, аӡбарҭеи зҵакы дуу ашаҳаҭгақәа рықәхра рҽазыркит», — илҳәеит апартиа «Гахариа Қырҭтәылазы» алахәыла  Наҭиа Мезвришвили.

Мезвришвили лҳәамҭала, прокуратура аусеилыргара иаша амҩаҧгара иазҿлымҳам.

«Апрокуратура ҳара иаҳҳәаз шьақәнарҕәҕәеит, алхрақәа рҧаршеира шьақәзырҕәҕәо, зегьы реиҳа зҵакы дуу ашаҳаҭгақәа иқәырхыр рҭахуп.  Алхратә комиссиа хадеи, апрокуратуреи, аӡбарҭеи ашаҳаҭгақәа рықәхра рҽазыркит.  Арҭ ашаҳаҭгақәа алхрақәа рҧаршеира ашьақәыҕәҕәареи ирласӡаны аполитикатә кризис аҧыхреи рылшоит. Жьҭаара  29 рзы ҳара   аҳәара аныҟаҳҵа ашьҭахь, цәыббра 30 рзы  апрокуратура,  Алхратә комиссиа хада адҵала,  аусеилыргара ҧаршеи иалагеит. Абҵара 1 азы ҳара ашаҳаҭгақәа рыхьчаразы аӡбарҭа ҳанадҵаала ашьҭахьҵәҟьа,  апрокуратура ашаҳаҭгақәа рбаандаҩтәразы аӡбара аднакылеит. Аӡбарҭа,  апрокуратура ашаҳаҭгақәа зегьы ргеит әҳа ҿыҵгас иҟаҵаны,  ашшыҧхьыӡ ахәаҧшразы мап ркит», — илҳәеит  Мезвришвили.