Наҭиа Турнава  Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди, Ахәаахәҭреи аҿиареи рзы амшынеиқәатәи абанки Қырҭтәылантә анапхгаҩыс дҟаҵоуп
Наҭиа Турнава  Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди, Ахәаахәҭреи аҿиареи рзы амшынеиқәатәи абанки Қырҭтәылантә анапхгаҩыс дҟаҵоуп

Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада Наҭиа Турнава  Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди, Ахәаахәҭреи аҿиареи рзы амшынеиқәатәи абанки Қырҭтәылантә анапхгаҩыс, иара убас, Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи рзы Европатәи Абанк анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩс дҟаҵоуп.

Иашьашәалоу адҵа инапы аҵаиҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.

Наҭиа Турнава Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахадас дҟаҵан сынтәа жәабран  7 рзы.  2023 шықәса рашәара инаркны лара Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа налыгӡон. Занааҭла декономиступ. Аекономикатә ҵарадыррақәа рдоктор аҩаӡара ланашьоуп.

Наҭиа Турнава  Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аҭоурыхаҿ раҧхьатәи ҧҳәысуп ари абанк ахада иҭыҧ аанызкылаз.