Наҭиа Турнава Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд адиректор ихаҭыҧуаҩ диҧылеит
Вашингтон, Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд 2025 шықәсатәи ааҧынратә аиҧыларақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Наҭиа Турнавеи афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии Жәларбжьарати авалиутатә фонд адиректор Бо Ли иҧылеит.
Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла аекономика ақәҿиарақәа. Ақырҭуа аган ахаҭарнакцәа Жәларбжьартәи авалиутатә фонд адиректор изеиҭарҳәеит иҭышәынтәалоу афискалтә позициа арҕәҕәареи ахәқәа рҭышәынтәалара аиқәыршәареи азы атәылаҿ иҟаҵоу ашьаҿақәа ирызкны.
Иара убас, аиҧылараҿы, аглобалтәи арегионалтәи проблемақәеи Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд аҟны аусеицуреи иалацәажәеит.
Бо Ли ишазгәеиҭаз ала, афонд, наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла иадгылоит, атехникатә цхыраара нанагӡоит. Иара убас, иара ишиҳәаз ала, Жәларбжьаратәи авалиутатә Фонд Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ареформақәа рымҩаҧгараҿы иацхраауеит.