Наҭиа Мезвришвили - Ҳалхыҩцәа амшьамбақьалақәа рахь иҭалап ҳәа сгәы иаанагом
Наҭиа Мезвришвили - Ҳалхыҩцәа амшьамбақьалақәа рахь иҭалап ҳәа сгәы иаанагом

Ҳалхыҩцәа амшьамбақьалақәа рахь иҭалап ҳәа сгәы иаанагом, аха акциақәа рҽалархәра рыӡбар, урҭ рҳәатәы ҳақәныҟәоит,- илҳәеит “Гахариа Қырҭтәылазы” ахаҭарнак Наҭиа Мезвришвили.

Мезвришвили лажәақәа рыла, апартиа “Гахариа Қырҭтәылазы” аоппозициа ацхыраара рнаҭоит арҵабыргқәа реизгареи аиҿкааратә зҵаарақәеи рҿы.

Иахьа, “Аиҭакрақәа рзы акаолициа“ алидерцәа иреиу Ника Гварамиа „Феисбуқ“ ахарҳәаҩцәа дрыҳәеит аоппозициаа амшьамбақьалақәа рзааргарц. Иара ари атәы иҩит асоциалтә каҭаҿы. „Амшьамбақьалақәа шәымазар, шәхацхраа. Ҳамҭас иҳашәҭар – ҳгәы иаахәоит, иаҳзышәҭиир  – уезгьы ҳгәы иаахәоит. ” Маӡала ак аҟаҵара сгәы иҭам. Иахьарнахыс иҟасҵо зегьы иаартны иҟасҵоит. Ашәарҭадара амаҵзурагьы, апрокуратурагьы, аполициагьы хьаас исымам, – иҩит Гварамиа.