Наҭиа Ҭурнава ЕАШ имҩаԥысуа Адунеи абанки Жәларбжьаратә авалиутатә фонди ааԥынтәи реиԥыларақәа дрылахәуп
Қырҭтәыла амилаҭтә банк ахада Наҭиа Ҭурнава ЕАШ имҩаԥысуа Адунеи абанки Жәларбжьаратә авалиутатә фонди ааԥынтәи реиԥыларақәа дрылахәуп.
Ақырҭуа делегациа иалоуп Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистр Леван Давиҭашвили, Қырҭтәылa Афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили, Қырҭтәыла амилаҭтә банк вице-ахадацәа Екатерине Миқабериӡеи Екатерине Галдавеи.
Мчыбжьык инагӡо авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Наҭиа Ҭурнава Жәларбжьаратә авалиутатә фонд Агәҭанытә Азиеи Мрагылареи рдепартамент адиректор Џьиҳад Азури, Жәларбжьаратә авалиутатә фонд анапхгаратә директор ихҭыԥуаҩ Бо Лиси, Қырҭтәыла Жәларбжьаратә авалиутатә фонд амисиа анапхгаҩы Алехандро Ҳажденберги дырԥылоит. Иара убас Наҭиа Ҭурнава аҭырқәа лколлега, Ҭырқәтәыла ацентртә банк ахада Фаҭих Каран диԥылоит.
Аиԥыларақәа мҩаԥгахоит америкатә аинвестициатә еилахәырақәа – J.P. Morgan-и Bank of America-и ринвесторцәа рҟны. Қырҭтәыла амилаҭтә банк ахада апрезентациа мҩаԥылгоит.